Иахантәарак иауаз ақәаршҩы ҕәҕәа иахҟьаны, Очамчыра араион ақыҭақәа жәпакы рҟны аҧхасҭа ҟалеит

Поділитися
Вставка
  • Опубліковано 12 тра 2024
  • Иахантәарак иауаз ақәаршҩы ҕәҕәа иахҟьаны Очамчыра араион Араду, Кәтол, Џьгьарда, Ҕәада, Аҭара ақыҭақәа аҧхасҭа роуит. Араду икаҳаз аҵла аҩны иақәҳаит. Аӡиасқәа ирхыз ацҳақәа ахьагаз ыҟоуп џьара-џьарагьы иажәагәеит, икаҳаит афымцацәаҳәақәа. Џьгьарда акәзар, абыргцәагьы иргәалашәом ас еиҧш Дҕамшь аҭра иҭыҵуа. Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьа-ҧҟьақәа раҧырҟәҟәааразы аусурақәа еиҿыркаауеит. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа шьыжьнаҵы аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыҧқәа дырҭааит, амшцәгьа анхацәа ирнаҭаз аҧхасҭа иблала ибаразы. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.

КОМЕНТАРІ •